Ажәабжь ҿыцқәа
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқаррахь усутә визитла иаара ақырҭуа напхгара агәҭынчымра рызнарҵысит.
04.08.2017 724
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Ахада ихьӡ иадҳәалоу анапхаҵа сааҭ ҳамҭас ииҭеит ҧаса Ҭырқәтәыла иҟаз Амчнаӡа змаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнак Инар Гыцба, иусураан Ҭырқәтәыла Ареспубликаҟны иҟоу аҧсуа диаспореи Аҧсны ауааҧсыреи реизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҕәҕәареи рыҟны илагаламҭазы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи Ареспублика Никарагуеи иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Ӷәазаа Заур Константин-иԥа имшира инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат дидныҳәалеит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дахьыҟарҵаз инадҳәаланы.
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Вануату Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ахьыҧшымра амш инадҳәаланы адныҳәалара нанашьҭит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ашьха Ҟарабах Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карен Мирзоиан идиныҳәалеит Ашьха Ҟарабах Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 24-шықәса ахыҵра.
26.07.2017 804
Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа 48-тәи аиԥылара мҩаԥыргеит ԥхынгәы 26 рзы Гал ақалақь аҟны. Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм амшхәаԥштә азҵаараҟны иқәыргылан аҳәынҭқарратә ҳәааҟны еиуеиԥшым ахҭысқәа рызҵаара.
26.07.2017 1064
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Иорданиатәи иеиҳабыратәым аиҿкаара «Кубан» аделегациеи реиԥылара.
24.07.2017 686
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иаԥҵоу адипломатцәа ҿарацәа Реидгыла Аналитикатә клуб «Знак»А.М. Горчаков ихьӡ зху аларҵәаратә дипломатиа Афонд адгыларала еиҿнакааз адипломатцәа ҿарацәа Аԥшьбатәи рфорум ԥхынгәы 9-21 2017 шықәса рзы Москва имҩаԥысит.иара зеиԥш теманы иаман “Информационные технологии в современной дипломатии и информационная безопасность”.
21.07.2017 810
2015 шықәса хәажәкыра 11 рзы Аԥсни Урыстәылеи рнапы зҵарҩыз Амеморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва имҩаԥысит аурыс-аԥсуа консультациақәа.
19.07.2017 617
Аиԥылараан Аԥсны иҟоу МККК уаанӡатәи анапхгаҩы Мауро Морабито аминистр ихаҭыԥуаҩ диирдырит иара абри амаҵзураҟны дзыԥсахыз Хелена Стар.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Сандинисттәи Ареволиуциа 38-шықәса ахыҵра инадҳәаланы
2017 шықәса ԥхынгәы 30 инаркны нанҳәа 12 рҟынӡа имҩаԥысраны иҟоуп НАТО атәылақәеи алианс апартниорцәеи злахәу арратә зыҟаҵарақәа "Достойный партнер 2017" (Noble Partner 2017). Аусмҩаԥгатә иалахәхоит 2 800-ҩык Қырҭтәыла, США, Великобританиа, Германиа, Ҭырқәтәыла, Словениа, Украина, Ермантәыла рыруаа.
17.07.2017 665
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнак иаҭаразы Аусҧҟа
Ааигәа ареспубликаҟны аҭыԥ змаз атрагедиатә хҭысқәа ауаажәларра-политикатәи аинформациатәи резонанс цәырыргеит. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы гәалсра дула ирыдыркылеит ҭаацәала Аԥсны зыԥсы зшьоз Урыстәыла атәылауаҩ ишьра.
Ԥхынгәы 12 2017 шықәса рзы ООН иҟоу Қырҭтәыла Ахаҭарнак диԥылеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш. Аиԥылараан инаҵшьны иазгәаҭан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ауаҩытәыҩса изинқәа ишрықәныҟәо ахылаԥшразы жәларбжьаратәи амеханизмқәа раԥҵара аҵак ду аманы ишыҟоу.
Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов иофициалтә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Даур Ақаҩбеи Дмитри Медоеви Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара аконсультациақәа Рыплан рнапы аҵарҩит
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит.
Рашәарамза 27 рзы Берлин имҩаԥысит аконференциа "Евразийский экономический союз и его значение для Армении, Белоруссии и Казахстана" (аиҿкааҩцәа – Мрагыларатәи Европа аҭҵааразы анемец еилазаареи Фридрих Науман ифонди).