Максим Забалуев Даур Ақаҩба диирдырит МККА ахада ҿыц

Максим Забалуев Даур Ақаҩба  диирдырит МККА ахада ҿыц
8 November 2019 1132
Абҵара 7 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрр Даур Ақаҩба дидикылеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак амиссиа ахада Максим Забалуев. Иара аминистр диирдырит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак амиссиа ахадараҟны иара дзыԥсахраны иҟоу Маттиас Ваинраих.

Даур Ақаҩба М. Забалуев ҭабуп ҳәа иеиҳәеит имҩаԥигаз аусуразы, Маттиас Ваинраих изеиӷьеишьеит иусура ҿыц аҟны ақәҿиарақәа. Иара убасгьы аминистр иазгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак амиссиа аусура аҵак ду аманы ишыҟоу, иара апроектқәа рганахь ала имҩаԥысуа аусурақәа ишрыцҵахо.

Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак амиссиа 1992 шықәса раахыс агуманитартә программақәа мҩаԥнагоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: