Ахәыҷтәы ныҳәа мҩаԥыргеит Москва, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҟны

Ахәыҷтәы ныҳәа мҩаԥыргеит  Москва, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҟны
18 December 2018 986
Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит  ахәыҷқәа рзы еиҿкааз ашықәсҿыцазтәи акарнавал. Аныҳәа еиҿыркааит Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭеи Москватәи аԥсуа диаспореи.

Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч змоу Ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Игор Ахба ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи ирыдиныҳәалеит иааиуа аныҳәа, ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиарақәа, рыгәҭакқәа рынаӡара.

Ауснагӡатә мҩаԥысуан Ацҳаражәҳәарҭа азал ду аҿы. Уа ахәыҷқәа ирзыԥшын аԥсаӡ ссир. Еиуеиԥшым аиндаҭларақәа, акәашара, ашәаҳәара, Аҵаа бабаду иҟынтәи аҳамҭа – абарҭ зегь ахәыҷқәа ргәы шьҭнахуан.
Аныҳәа хыркәшахеит убла хызкуаз асалиут ала.




Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: