Инал Арӡынба Карлос Рафаель Фариа Тортос ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 12-шықәса ахьҵыз инамаданы

Инал Арӡынба Карлос Рафаель Фариа Тортос ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 12-шықәса ахьҵыз инамаданы
23 July 2022 364

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос адныҳәаларатә нота изынаишьҭит ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 12-шықәса ахьҵыз инамаданы.

Анотаҟны иаҳәоит:

«Рацәак идуум аамҭа иалагӡаны ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызара ӷәӷәеи, аҳаҭыреиқәҵареи агәреибагареи шьақәгылеит. Адипломатиатә еизыҟазаашьақәа анҳабжьаҳҵа инаркны аполитикатәи, акультуратәи егьырҭ аусхкқәеи рҟны аинырра ҳамоуп. Аԥсны ари адиалог ԥхьаҟагьы арҿиара хықәкны иамоуп. Ҳара агәра аагоит убри азы иаҭахны иҟоу апатенциал шҳамоу, ԥхьаҟагьы ҳастратегиатә еинырра шҳарҿиало, еиҳа инарҭбаау аҵакы шаҳҭало. Ари ҳәарада ҳажәларқәа реимабзиараз хра амоуп, анырра бзиа анаҭоит»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: