Ажьырныҳәа 20 рзы Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр я Витали Игнатьев дидикылеит Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакс иҟоу Александр Ватаман.
Аиԥылара азхан раԥхьатәи Аԥсни Приднестровиеи рнапы зҵарҩыз аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Иазгәаҭан ареспубликақәа ииасыз ашықәсқәа рзы реинырра амҩаԥысшьа, ирзааҭгылан ԥхьаҟатәи апланқәа.
Аиԥылараҿ ҷыдала иалацәажәан 2021 шықәсазы Аԥсни Приднестровиеи иазгәарҭо арыцхәқәеи иҟалараны иазыԥхьагәаҭоу ахҭысқәеи.
Иара убасгьы ирылацәажәан наҟ-ааҟ аинтерес ззеицрымоу азҵаарақәа.