Вито Гриттани Италиа Асенат ахаҭарнак Маттео Сальвини еиԥылеит

Вито Гриттани Италиа Асенат ахаҭарнак Маттео Сальвини еиԥылеит
30 August 2020 624

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа рынагӡаразы Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани Италиа Асенат ахаҭарнак Маттео Сальвини 2020 шықәса нанҳәа 29 рзы аиԥылара рыман.

Маттео Сальвини усутә визитла Италиеи егьырҭ Евроеидгыла атәылақәеи рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адипломатиатә хаҭарнакрақәа рофис ахьыҟоу ақалақь Бари даҭааны дыҟан.

Ацҳаражәҳәаҩ Гриттани Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада А.Г.Бжьаниеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Д.В.Ақаҩбеи рыхьӡала асалам ииҭеит, изеиҭеиҳәеит Евроеидгыла аҵакыраҿы Адипломатиатә хаҭарнакра имҩанаго аусура атәы.

Гриттани асенатор ҳамҭас ииҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәы зҳәо ашәҟәи иара хаҭала авторс дызмоу - Мадонна дель Поццо илызку ашәҟәи.

Гриттани асенатор Маттео Сальвини иара ианизыманшәало аамҭазы Асны Аҳәынҭқаррахь дааиԥхьеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: