Адомино азы Жәларбжьаратәи Афедерациа ахада Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит

Адомино азы Жәларбжьаратәи Афедерациа ахада Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит
16 August 2019 620
Нанҳәа 13 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа дидикылеит Адомино азы Жәларбжьаратәи Афедерациа ахада Лукас Гиттард.

Лукас Гиттард Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит иԥҳәыси иԥеи ицны.

Лукас Гиттарди иҭаацәеи аԥсшәа раҳәо Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа иазгәеиҭеит 2010 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥысыз адомино азы ачемпионат ашьҭахь абри аспортхкы Аԥсны аҿаиара аиуит, Гиттард Аԥсны дыргәалашәоит ҳаҭыргьы иқәырҵоит ҳәа.

Лукас Гиттард ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адкылара ҟәандазы. Иҳәеит Аԥсны аҭаара гәахәараны ишибо.
Адомино азы Жәларбжьаратәи Афедерациа ахада Лукас Гиттард игәалаиршәеит Каракас ақалақь аҿы Аԥсны усҟантәи ахада Сергеи Багаԥшьи иареи шеибадырыз. Иазгәеиҭеит Сергеи Багаԥшь иахьагьы игәхьаагара шимоу, ацҳаражәҳәаҩ иирбеит Багаԥшь ҳамҭаны ииҭаз аҳәа.

Аиԥылара аԥхарра аманы имҩаԥысит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: