Москва имҩаԥысит аԥсуа-аурыс консультациақәа

Москва имҩаԥысит аԥсуа-аурыс консультациақәа
14 February 2019 814
Москва ақалақь аҿы хәажәкырамза 11, 2015 шықәса рзы Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа Рминистррақәа ирыбжьарҵаз Амеморандум ишьақәнарҕәҕәаз адәныҟаполитикатә координациа амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, изаамҭанытәиу аконсультациақәа мҩаҧысит.
Аконсультациақәа рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминиистрра аҟны иҟоу Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгылара иалоу атәылақәа Аҧшьбатәи адепартамент адиректор Алексеи Павловскии, Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахбеи.  
Ари аусмҩаҧгатә аҿы арегион аҿы аҭагылазаашьеи, аҩганктәи апроблематикеи ирыдҳәалоу атемақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Иара убас аҩганктәи аусеицура аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа аиҕьтәра аганахьала аҧсуа- аурыс еизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аамҭа-аамҭала аҩганктәи аиформациатә еимадареи, аконсультациақәа рымҩаҧгареи ирыдҳәалоу аҧышәа хымҧада иацҵахоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: