Баграт Хәытабеи Башар-аль Џьаафари Москва еиԥылеит

Баграт Хәытабеи Башар-аль Џьаафари Москва еиԥылеит
26 January 2023 136

Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Башар-аль Џьаафари Москва еиԥылеит 2023 шықәса ажьырныҳәа 25 азы.

Баграт Хәытаба Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩс иҟалара идиныҳәалеит Башар-аль Џьаафари.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан ҩ-ганктәи аекономикатәи аполитикатәи еизыҟазаашьақәа рыҿиара, ахәаахәҭра, акультура, аспорт ԥхьаҟатәи рыҿиаратә ԥеиԥшқәа.

Ҷыдала иазааҭгылан економикеи, ахәаахәҭреи, аҭҵаарадырреи, атехникеи, акультуреи рыҟны аусеицуразы аԥсуа-шьамтәылатәи Еилакы аилатәара. Аилатәара мҩаԥгахоит 2023 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: