Никарагуа имҩаԥысит аҭыԥантәи «Ажәларқәа рыфатә хкқәеи ақьырсиантә традициақәеи ирызку есышықәсатәи Жәларбжьаратәи афестиваль»

Никарагуа имҩаԥысит аҭыԥантәи «Ажәларқәа рыфатә хкқәеи ақьырсиантә традициақәеи ирызку есышықәсатәи  Жәларбжьаратәи афестиваль»
5 December 2022 260

Афестиваль рхы аладырхәит аконтинентқәа зегьы рҟынтәи 40 тәылы рхаҭарнакцәа. Иаҭааит 25 нызықь инареиҳаны ауаа.

Афестиваль аҿы ицәыргақәҵахеит иара убас аԥснытәи аарыхыҩцәеи аҭыжьыҩцәеи раалыҵ, аԥсуа милаҭтә костиумқәа, Аԥсны иазку амузыкеи авидеонҵамҭақәеи.

Никарагуа акультура аминистр Луис Моралес Алонсо иааԥхьарала ацәыргақәҵа аартра иадҳәалоу агәырӷьаратә церемониа рхы аладырхәит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи.

Аԥснытәи астенд аҭааҩцәа рацәаны иадҵаалеит, урҭ аԥснытәи атауарқәа Никарагуа раагареи раахәареи алыршаразы иазҵаауан.

Ацәыргақәҵа официалла аартра ашьҭахь, Никарагуа анапхгара ахаҭарнакцәа, иара убас аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыцҳаражәҳәаарҭақәа рхаҭарнакцәа Аԥсны астенд иаҭааит, Аԥсны иаарыху, иҭыжьу аалыҵ агьама рбеит, Аԥсны ахаҭарнакцәа афестиваль ралахәхара рыдырныҳәалеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: