Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада-Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит агәаларшәагатә усмҩаҧгатә

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада-Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит агәаларшәагатә усмҩаҧгатә
8 August 2019 877

Нанҳәамза 8 рзы, жәеиза шықәса раԥхьа Аладатәи Уаԥстәыла Ареспубликаҿы излагаз аибашьра амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада-Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысыз агәаларшәагатә усмҩаҧгатә мҩаԥган.
Ауснагӡатә иалахәын: Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, Аԥыза-министр Валери Бганба, Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, Ажәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада Уаԥстәыла Аҷыдалкаатәи Азинмчзмоуи Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев аиԥылара ааиртит абарҭ ажәақәа рыла:
«Иахьа 11 шықәса ҵит аҭынч уааԥсыра, Цхьынвал ахьчаҩцәа, иара убас урыстәылатәи абжьаҟазаратә аруаа ахьҭахаз, аҭынчреи ауаҩытәыҩсеи ирҿагылоу ацәгьоура мҩаҧгоуижьҭеи. Ҳарҭ еснагь иаҳҳәалоит, Алада Уаԥстәыла ахаан иахашҭӡом 2008 шықәса нанҳәамзазтәи урҭ амш хьанҭақәа раан ауаҧс жәлар рыцхырааразы игылаз аурыс солдаҭцәеи аофицарцәеи рфырхаҵара атәы. Рыхьӡ кашәара ақәым агрессор иҿагылараҟны жәҩахыр еибыҭарала иқәҧоз аурыси ауаԥс солдаҭцәеи, ауаԥс жәлар реиқәырхаразы, ари адгьыл аҿы аҭынчра ашьақәыргыларазы. Урҭ рыхьӡқәа ауаԥс жәлар абиҧарақәа ргәалашәараҿы наӡаӡа иаанхоит».
Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит, Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара ишьҭырхыз аӡбамҭа иабзоураны, Алада Уаԥстәыла аҭынчра ашьақәыргылара шалыршахаз.
«2008 шықәса нанҳәамза 8 рзы Аладатәи Уаԥстәыла иҟалаз ахҭысқәа Қырҭтәыла аҭоурых нбан еиқәаҵәала ианхалоит. Урҭ ауаԥс жәлар рганахь ала мацара акәмызт агеноцид амҩаԥгара рыҽҽазыршәоз. Урыстәыла анапхгара урҭ амшқәа рзы иҟанаҵаз ашьаҿа ҕәҕәа ашьҭахь ҳажәларқәа реиқәырхара алнаршеит. Рыхьӡ кашәара ақәым иҭахаз зегьы, аҭынч уааԥсыра, аибашьцәа, абжьаҟазаҩцәа, зыԥсҭазаара атәыла ахьчара иахҭнызҵаз»,-иҳәеит Ахада.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаржәҳәаҩ Алексеи Двинианин инаҵшьны иазгәеиҭеит, нанҳәамзазтәи аибашьра Қырҭтәыла аганахь ала ацкауразы иҟарҵоз аҽазышәарақәа шьақәзырҕәҕәаз акәны ишыҟалаз:
2008 шықәса нанҳәамза 8 Кавказ агеополитикатә ҭагылазаашьа шьаҭанкыла изыҧсахыз рыцхәны иҟалеит. Мцҳәарыла Алада Уаҧстәыла иақәлаз ақырҭуа архәҭақәа цәгьацәыҧхамшьарала «адәышкәаҕьаз» захьӡу аоперациа алазгалаз Қарҭ аганахьала ацкауреи иаартны имҩыҧыргоз агрессиеи ирҿырҧшыганы иҟалеит. 2008 шықәса нанҳәамзазы Урыстәыла қәнагала,ламысцқьала Мраҭашәара ирхәозаалакгьы, абылра иаҿыз Цхьынвал ацхыраара анаҭеит. Агәра згоит, ҩ-еибашьрак хацзыркыз ақырҭқәа Аԥсни Алада Уаԥстәылеи рыжәларқәа рҿаԥхьа иҟарҵаз ацәгьауразы аҭак ҟарымҵар амуа ишыҟало.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: