Ареспублика Никарагуа адипломатиатә дкылара мҩаԥган атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 14-шықәса аҵра иазкны

Ареспублика Никарагуа адипломатиатә дкылара мҩаԥган   атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 14-шықәса аҵра иазкны
6 September 2022 311

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала Ареспублика Никарагуа адипломатиатә дкылара мҩаԥган атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 14-шықәса аҵра иазкны.

Адкылара иалахәын Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада, аиҳабыра рлахәылацәа, Амилаҭтә Ассамблеиа адепутатцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, акультура аусзуҩцәа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа анапхгаҩцәа, аҳҭнықалақь Манагуа ахада Реина Руеда, аҳәаанырцә ҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, атәылаҿ аккредитациа зызуу ацҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.

Аныҳәа аартын Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Никарагуеи ргимнқәа рарҳәарала.

Адипломатиатә дкылара аартраан ажәахә ҟарҵеит Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра алкааҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада.

Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра алкааҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Никарагуа ахада Даниель Ортега иахь инашьҭымҭа даԥхьеит.

Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит «цәыббра 3 Аԥсни Никарагуеи реиҩызара ашьаҭа анакыз рыцхәуп» ҳәа.

Инар Ладариа иҳәеит аҳәынҭқаррақәа рыҩба реиҩызара аҿиареи аԥеиԥши шамоу.

Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Никарагуа ахада Даниель Ортегеи ахада ихаҭыԥуаҩ Росарио Мурильои рыхьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит. Денис Монкада аԥсуа жәлар аизҳазыӷьареи аҿиареи рзеиӷьеишьеит.

Адипломатиатә дкылара асасцәа идырбан Аԥсны иазкыз афотоцәыргақәҵа, авидеороликқәа, арежиссиор Амина Кәарҷиаԥҳа зметраж кьаҿу лҭыхымҭа «Асыс».

Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа анапхгара ҭабуп ҳәа рарҳәоит Аԥсны Акультура аминистрра, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс, арежиссиорцәа Ҭеимураз Кәакәасқьыр, Даниил Оҭырба, Амина Кәарҷиаԥҳа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: