Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭалатәи рыгәрага аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭалатәи рыгәрага аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит
5 December 2022 161

Ԥхынҷкәын 2 азы Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Еиду Арабтә Емиратқәа Рыцҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭалатәи рыгәрага, ЕАЕ Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Абдула Хаким Аль-Нуаими инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭалатәи рыгәрага, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Мухаммед Али ЕАЕ Рмилаҭтә мшы 51 шықәса ахыҵра инадҳәаланы имҩаԥгаз адкылара далахәын. 

Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуан акультуреи аҟазареи Рыҩны Аль-Асад аҿы.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭалатәи рыгәрага, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Мухаммед Али Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Еиду Арабтә Емиратқәа Рыцҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭалатәи рыгәрага, ЕАЕ Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Абдула Хаким Аль-Нуаими ииҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәы Еиду Арабтә Емиратқәа адәныҟатәи аусқәеи жәларбжьаратәи аусеицуреи рминистр Шеих Абдулле бин Заед Аль Нахаиан ихьӡала.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: