Муҳамед Алии Самир Башури реиԥылара мҩаԥысит

   Муҳамед Алии Самир Башури реиԥылара мҩаԥысит
16 November 2022 418

2022 шықәса абҵара 15 азы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рзы аамҭаалтәи агәрага, Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Муҳаммед Алии Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр, абжьгаҩ Самир Башури аиԥылара мҩаԥыргеит.

Аиԥылараан ирылацәажәан Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Урыстәылатәи Афедерациеи, Шьамтәылатәи Арабтә республикеи, Аахыҵ Уаԥстәыла ареспубликеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рыҩаӡарала ԥшь-ганктәи аконсультациақәа рмеханизм.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рзы аамҭаалтәи агәрага, Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Муҳаммед Али Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр, абжьгаҩ Самир Башур идигалеит амеханизм ашьаҭаркра иалахәылахо аԥснытәи аган аусутә гәыԥ рсиа.

Амеханизм иазыԥхьагәанаҭоит аконсултә, агуманитартә, акультуратә, ахәаахәҭра-економикатә уҳәа аусхкқәа рҟны аусеицура.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: