Ажәабжь ҿыцқәа

19 July 2023 246 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Дениса Монкада Роналдо Колиндреса Сандинисттәи ареволиуциа ҟалеижьҭеи 44-шықәса аҵра идиныҳәалеит.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа изеиҭеиҳәеит Ацҳаражәҳәарҭа аусура атәы.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуеи Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи злахәу аделегациа Никарагуа иаҭааит Асандинисттә револиуциа 44 шықәса ахыҵра азгәаҭара алахәхаразы.
Ԥхынгәы 11-12, 2023 шықәсазы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 58-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА рхаҭарнакцәа, ЕЕи ЕАРи, ОБСЕи рыцхантәаҩлара.
Ԥхынгәымза 6 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит.
5 July 2023 259 Анотақәа
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хилиу Пинто адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
3 July 2023 188 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ареспублика Беларусь ахада ихаҭарнак ҷыда Виктор Шеиман Ареспублика Беларусь ахьыԥшымра Амш идиныҳәалеит. 
Стампыл иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аконсулра хада аҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Стампыл иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аконсул хада Андреи Буравовы реиԥылара. 
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба апровинциа Сакариа даҭааит, ибеит хара имгакәа аусура иалагараны иҟоу Аԥсуа культуртә центр ҿыц "Адаԥазары", дрыҿцәажәеит уа инхо ҳџьынџьуаа, ирзеиӷьеишьеит ԥхьаҟатәи ақәҿиарақәа. 
Апровинциа Диузџье аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла амилаҭтә еизара Ду адепутат Талих Ҳәатышьи реиԥылара мҩаԥысит. Дара Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рнырра атәы иалацәажәеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: