Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" Москва аусура иалагеитАҿар ацхыраара рыҭараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" Москва, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҟны аусура иалагеит

Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" Москва аусура иалагеитАҿар ацхыраара рыҭараз  Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" Москва, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҟны  аусура иалагеит
14 February 2022 485

Ацентр ацхыраара рнаҭалоит еиҳа аҟыбаҩ ҷыда злоу Аԥснытәи аҿар, Урыстәыла иреиӷьу аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аҵараҵарази астажировка рахысрази.
Ацентр амеханизм аамҭакала аус ацнаулоит Россотрудничество.

Ацентр акоординатор Едгар Ӷәазаа иажәақә арыла акандидатцәа алырхлоит еиндаҭларатә шьаҭала. Арезиуме анашьҭра ҟалоит Ацҳаражәҳәарҭа ма Аԥсны ААР рсаитқәа рҿы анкета ҷыдаҟны ихарҭәааны. Иарбатәуп арезиуме назышьҭуа иаликаауа аусхк.

Актәи аетап иахысыз Урыстәыла иҟоу Аԥсны Адипмиссиахь инаԥхьахоит рыҿцәажәаразы.

"Аиҿцәажәараан инаԥхьоу ахаҿы изеиԥш дыррақәа ааирԥшыроуп иалихыз, зыҟны иҟазара иазирҳар иҭаху аусхк аганахь ала» ҳәа иҳәеит Ӷәазаа.

Аҿар ацхыраара рыҭараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" аусушьа аҟазшьақәа Москватәи реиԥылараан ирылацәажәеит Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡнбеи МГИМО аректор Анатоли Торкуновы, НИУ ИАШ аректор Никита Анисимовы, Урыстәыла ААР аҟны иҟоу Адипломатиатә академиа аректор Александр Иаковенкои, Урыстәыла Аиҳабыра рҿы иҟоу Афинанстә университет аректор Станислав Прокофьевы.

Аганқәа алацәажәеит аусеицура амҩаԥгара, иазыԥхьагәарҭеит ԥхьаҟатәи апланқәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: