Заур Ӷәаџьаа ауснагӡатә ихы алаирхәит

Заур Ӷәаџьаа ауснагӡатә ихы алаирхәит
1 December 2022 196

Абҵара 30, 2022 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкааи азинмч нагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Барбадос Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа рзы аамҭалатә гәрага Акинас Џь. Кларк инаԥхьарала ихы алаирхәит Барбадос ахьыԥшымра 56 шықәса ахыҵраз ауснагӡатә.

Ауснагӡатә мҩаԥысуан Каракас, Амилаҭтә монументалтә пантеон аҿы. Аофициалтә церемониа напхгара арҭон Барбадос Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа рзы аамҭалатә гәрага Акинас Џь. Кларки Латынтәи Америка аусқәа рзы адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Рандер Пениеи.

Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Заур Ӷәаџьааи Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкааи азинмч нагӡеи змоу Ареспублика Беларусь ацҳаражәҳәаҩ Андреи Молчани реиԥылара. А. Молчан З. Ӷәаџьаа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Ареспублика Беларусь адәныҟатәи аусқәа рминистр Владимир Макеи иԥсҭазаара иалҵра инадҳәаланы иҟаиҵаз адашшыларазы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: