Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа амилаҭтә фырхаҵа Симон Боливар диижьҭеи 192-шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа дрылахәын

Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа амилаҭтә фырхаҵа Симон Боливар диижьҭеи 192-шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа дрылахәын
19 December 2022 153

2022 шықәса ԥхынҷкәын 19 азы Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала амилаҭтә фырхаҵа Симон Боливар диижьҭеи 192-шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа дрылахәын.

Ацеремониа мҩаԥысуан амилаҭтә Пантеон аҿы, Каракас. Иара иалахәын Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Ремигио Себальос, Боливариантәи Ареспублика Венесуела Арбџьар мчқәа (FANB) рнапхгара.

Ацеремониа иалахәын Венесуела аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа, адипломатиатә миссиақәа рхадацәа, АИХқәа русзуҩцәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: