Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Николос Мадуро зхадараҿы дыҟаз аилатәара далахәын

Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Николос Мадуро зхадараҿы дыҟаз аилатәара далахәын
22 July 2022 290

2022 шықәса ԥхынгәы 20 рзы Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала Ареспублика Венесуела ахада Николос Мадуро зхадараҿы дыҟаз аилатәара "Аекономикатә зона ҷыдақәа рзы Азакәан амчра аиура" далахәын.

Венесуела аккредитациа змоу адипломатиатә корпуси аиҳабыра рхаҭарнакцәеи рԥылараан ахада Николас Мадуро "Аекономикатә зона ҷыдақәа рзы Азакәан амчра аиура" шьақәирӷәӷәеит амилаҭтә економика аҭышәныртәалара аиҿкаара хықәкны иҟаҵаны.

Аилатәара мҩаԥысуан Каракас, Ааглыхратә инвистициақәа Жәларбжьаратәи рцентр аҿы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: