Аԥсны ААР: Женеватәи аиҿцәажәарақәа еиҳа хра рыманы иҟаларц азы азнеишьақәа ԥсахтәуп

Аԥсны ААР: Женеватәи аиҿцәажәарақәа еиҳа хра рыманы иҟаларц азы азнеишьақәа ԥсахтәуп
4 July 2019 713
Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа ООН, ОБСЕ, ЕС реицхантәаҩрала имҩаԥыргеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа  48-тәи рраунд 2019 шықәса ԥхынгәы 2-3 рзы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа иалахәын: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр (аделегациа ахада) Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ  Владимир Арлан, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа, адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Алиас Асабуа, Џьамал Бганба, Мадина Шамԥҳа.
.Женеватәи аиҿцәажәарақәа  48-тәи рраунд алахәылацәа аҳәамҭа ҟарҵеит аиҿцәажәарақәа еиҳа хра рыманы иҟаларц азы азнеишьа ҿыцқәа азыԥшаатәуп ҳәа.
Аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аганқәа амчра ахамырхәараз рҽазышәарақәа аазырԥшуа  ҿырҳәалатәи аҳәамҭа аицҟаҵара хымԥада имҩаԥыргар шакәу азгәарҭеит. Уи Қырҭтәылеи Аԥсни Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраз раԥхьатәи шьаҿахоит ҳәа ахырҳәааит. Аха убри аан аганқәа ирылымшеит ҿырҳәалатәи аҳәамҭа атекст акомпромисстә вариант адкылара убри азы иазыԥхьаӡан изаамҭанытәиу араунд, жьҭаара 8-9 рзы имҩаԥысраны иҟоу аҟынӡа атекст аус адулахаларц.
Аԥсни Қырҭтәылеи, Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәаақәа рҟны аҭагылазаашьақәа ртәы акәзар аиԥылара алахәылацәа реиҳараҩык Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ахысырҭаҟны аамҭалатәи аԥкрақәа агәыҵха рызцәырнагеит, ааԥхьарагьы ҟарҵеит излалшо ала иаарласны аҳәаа аартхарц азы.
Аԥсуа дипломатцәа иазгәарҭеит асеиԥш аӡбра адкылара ҵаҵӷәыс иамоу Қырҭтәыла имҩаԥысуа амассатә қәгыларақәа шракәу. Инаҵшьны ирҳәеит аԥкрақәа аамҭалатәи аҟазшьа рыманы ишыҟоу.
Уи адагьы аԥсуа ган азхьаԥшра арҭеит Қырҭтәыла апарламент адепутат Акаки Бобохиӡе Апарламентбжьаратә Ассамблеиаҿ дықәгыланы Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥигахьо ауаҩшьрақәа дахьрылацәажәоз. Дара убасгьы ирҳәеит Аԥсны арратә прокуратура абри аҳәамҭа аганахь ала аусҭҵаарақәа шымҩаԥнаго.
Аԥсу ган Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит Акаки Бобахиӡе 1992-1993шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы имҩаԥигоз ацәгьоурақәеи иара аимак ахаҭа иалахәреи рыҭҵааразы акомиссиа ҷыда аԥырҵарц.
Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи аҽазныкгьы агәҭынчымра аадырԥшит НАТО Қырҭтәыла имҩаԥнаго активтә усура, ирҳәеит уи арегион ашәарҭара ишҭанаргыло.
Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа ООН, ОБСЕ, ЕС реицхантәаҩрала имҩаԥыргеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа  48-тәи рраунд.
Изаамҭанытәиу Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы женеватәи аиҿцәажәарақәа  рраунд мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса жьҭаара 8-9 рзы.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: