Имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд

Имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд
30 March 2018 1404
Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит 2018 шықәса хәажәкыра 27-28 рзы. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла , Урыстәыла, ЕАШ (США) рхаҭарнакцәа, ООН, ОБСЕ, ЕС рҟынтәи ацхантәаҩцәа.

Аԥснытәи аделегациа иалахәын: Даур Ақаҩба, Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Иракли Ҭыжәба, Анна Гамсаниаԥҳа, Владимир Арлан.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны амч ахамырхәараз ҿырҳәалатәи аицҳәамҭа ҟалап ҳәа иазыԥшын. Уаанӡа, 2018 шықәса хәажәкыра 21 рзы ақырҭуа ган аҳәамҭа ҟанаҵахьан амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра алацәажәара ишазыхио азы.

Аха, женеватәи аиҿцәажәарақәа раан ақырҭуа делегациа абри азҵаара хада ацынхәрас хадара аманы ицәырыргеит ақырҭуа тәылауаҩ А. Татунаишьвили иҭахара. Иара убри аан ахара рыдырҵеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи. Уи адагьы Қарҭаа иззыԥшыз адокумент рнапы аҵарымҩит "адокумент аҵакы Аганқәа еиуеиԥшымкәа иахьеилыркаауа азы".

Иара убасгьы ақырҭуа ган 2008 шықәса рышьҭахь Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аоккупациа зызуу Қырҭтәыла ахәҭакқәа ҳәа ирыхәаԥшуеит «аоккупациа зызуу аҵакырақәа» ҳәа.

2018 шықәса хәажәкыра 27-28 рзы имҩаԥысыз изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара арратә еинырра еиҳагьы ишацҵахо атәы.

"Қырҭтәылеи Аԥсни амч ахамырхәаразы ҿырҳәалатәи аицҳәамҭа аҟаҵараҵәҟьа анрылымшо, иара убри аан Қырҭтәыла НАТО алалара хықәкны ианаԥхьаӡо, оумашәа избатәузеи Урыстәылеи ҳареи абри аганахь ала ҳаинырра. Урыстәылеи Аԥсни русеицура ҵаҵӷәыс иамоуп жәларбжьаратәи азин анормақәа ирықәшәо ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа. Урҭ рыла иубарҭоуп ҳшәарҭадара ахьчара иадгыло Урыстәыла заҵәык шакәу", — иҳәеит Даур Ақаҩба.

Иара убасгьы аминистр ацхантәаҩцәа азхьеирԥшит аҳасабырбақәа реиҿкаараанрхы иадырхәо аббравиатурақәеи аформулировкақәеи еиҳа ҭакԥхықәрала ирызнеиларц.

"Егры аӡиас иаваршәны ицо административтә ҳәаа акәӡам, аҳәынҭқарратә ҳәаа ауп", — иҳәеит иара.

Аиҿцәажәарақәа раан ишьҭыхын закәан ҵаҵӷәыда аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азҵаарақәагьы.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Владимир Арлан иара убасгьы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа идирдырит аҳәынҭқарратә ҳәаа иахьатәи аамҭа иақәшәо аиҿкаара ашәарҭадара азҵаарақәа жәпакы шаԥнахыз.

"Аҵыхәтәантәи 9 шықәса рстатистика уахәаԥшуазар, иубарҭоуп Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә отриад аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараҿ ианыргылаха ашьҭахь иаагәоуҭартә еиԥш илаҟәит ацәгьоура хьанҭақәа", — иҳәеит иара.

Ушьҭантәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа азыԥхьагәаҭоуп 2018 шықәса рашәарамзазы.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: