Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Женеватәи аилацәажәарақәа 41-тәи рраунд азы аконсультаҟциақәа еиҿкаан

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Женеватәи аилацәажәарақәа 41-тәи рраунд азы аконсультаҟциақәа еиҿкаан
14 September 2017 1347
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы Женеватәи жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа реиҧылара мҩаҧысит.

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы имҩаҧгаз Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы Женеватәи жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Антти Турунен, Гиунтер Бехлер, Бьорн Куенеи аминистр Даур Ақаҩбеи реиҧылара аҿы ирылацәажәан лассы имҩаҧысраны иҟоу Женеватәи аилацәажәарақәа 41-тәи раунд.
аиԥылара иалахәын аԥсуа гана ахь ала: Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Иракли Ҭыжәба, Лаша Аҩӡба, Артур Гагәлиа, Аста Чыкәбар.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН), Европа Ашәарҭадареи Аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ), Европатәи Атәылақәа Реидгыла (ЕС) ахаҭарнакцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит: “Ааигәа имҩаҧысраны иҟоу Женеватәи аилацәажәарақәа изаамҭанытәиу араунд хра злоу аҟазшьа аманы иҟалап, иарбоу аусмҩаҧгатәқәа зызку ахықәкы аҟынӡа анаӡара ҳалшап ҳәа  агәыҕра сымоуп” ҳәа.

Иара убри аамҭазы Даур Ақаҩба НАТО архәҭақәеи қырҭтәылатәи арбџьармчқәеи еицымҩаҧырго арратә зыҟаҵарақәа рганахьала аҧсуа ган агәҭынчымра шаанарҧшуа азгәеиҭеит: “Аҵыхәтәантәи 3-мыз ирылагӡаны Қырҭтәыла инарҭбаау арратә зыҟаҵарақәа  ҩынтәны имҩаҧгахеит. Қырҭтәылатәи аган аҽазҵәылхны амчра ахархәара мап ацәкра азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мап ахьацәнакуа ҳасаб азуны уахәаҧшуазар, арратә ҟазшьа змоу иарбоу аусмҩаҧгатәқәа ҳара агәҭынчымра ҕәҕәа ҳазцәырнамгар залшом”.

Ахәҭакахьала, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахаҭарнак Антти Турунен, аҧсуа ган иҟанаҵаз адкылара бзиа азы ҭабуп ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит: “Ҳаргьы иара убас, арегион аҿы аиҿагылара аҵыхәа ҧҵәара иазку Женеватәи аилацәажәарақәа рхықәкы хада аҟынӡа анаӡара алыршахап ҳәа агәыҕра ҳамоуп. Уажәазы иарбоу аганахьала имҩаҧгоу аусура алҵшәа бзиақәа шаанарҧшуа убаратәы иҟоуп, избан акәзар, арегион аҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Ҳара жәаҳәарада иҟоу аҭынч ҭагылазаашьа иаҧырхагахар зылшо арратә зыҟаҵарақәа ахшыҩзышьҭра ҕәҕәа аҳҭоит. Уи аганахьала Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аилацәажәарақәа рыпрограмма еиҳа актуалра ацлоит”.

Убри аан Антти Турунен инаҵшьны иазгәеиҭеит: “Женеватәи аилацәажәарақәа иамоу адипломатиатә формат ҳасаб азуны, иарбоу аплошьадкаҿы агуманитартәи аекологиатәи апрограммақәа рылацәажәара иацҵатәуп”.

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, аҧсуа гангьы аекологиатә шәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәа ахшыҩзышьҭра ду шанаҭо азгәеиҭеит. “Урҭ рҕьырак Женеватәи аилацәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаҧшразы адгалара мҩаҧгахоит. Аекологиа азҵаарақәа арегионалтә ҟазшьа аархәо иалагеит, убри аҟнытә ҳара иарбоу апроблема ҷыдала ахшьыҩзышьҭра аҭаразы ажәалагала ҟаҳҵоит”, – ҳәа иҳәеит иара.

Ацхантәаҩ Гиунтер Бехлер иазгәеиҭеит аиԥылара алахәылацәа зегьы женеватәи аиԥыларақәа ԥхьаҟагьы аҿиара рыманы ирбар шырҭаху.

Аганқәа рылацәажәеит наҟ-ааҟгьы аинтерес ззеицрымоу азҵаарақәа жәпакы.
Изаамҭанытәиу Женеватәи жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа
41-тәи рраунд азыԥхьагәаҭоуп 2017 шықәса жьҭаара 10-11 рзы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: