Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа ахаҭарнакцәа рԥылара

Аԥсны иҟоу  МККК Амиссиа ахаҭарнакцәа рԥылара
1 December 2020 977

Абҵара 30 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа ахаҭарнакцәа рԥылара.

Аиԥылараҿы Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа ахаҭарнакцәа аминистр ихаҭыԥуаҩ изеиҭарҳәеит 1992-1993шш. рзтәи аибашьраан хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазку Апрограмма аусура амҩаԥысшьа атәы, 2021 шықәса рзы Амиссиа Аԥсны имҩаԥнагараны иҟоу аусурақәа ртәы.

Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа ахаҭарнакцәа аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба иара убасгьы изеиҭарҳәеит хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ишазыҟаҵоу жәҩык аԥсуа ҟазауаа. Ари алыршахеит аӡбарҭатә медицина аусхк аҟны аҳәаанырцәтә ҟазауаа рааԥхьарала.

Иракли Ҭыжәба Амиссиа ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит русуразы, инаҵшьны иазгәеиҭеит МККК Амиссиа аҭыԥантәи акадырқәа рҵарадырра еиҿызкааз раԥхьатәи иеиҳабыратәым еиҿкаараны ишыҟоу. Иара убасгьы иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аџьар ҟаԥшь Жәларбжьаратәи аилак иаҭаххо ацхыраара аҭара ишазыхио.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы МККК Амиссиа аус ауеит 1992 шықәса раахыс.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: