Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аиԥылара мҩаԥысит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аиԥылара мҩаԥысит
20 September 2018 1335
2018 шықәса цәыббра 20 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Тоиво Клаари, Джихан Султаноглуи, Рудольф Мичалкеи рԥылара. Даур Ақаҩба идикылеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа ҿыцқәа—ООН ахаҭарнак Џьихан Султаноглуи ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Рудольф Мичалкеи.

Аԥснытәи аган ахьӡала аиԥылара иалахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Владимир Арлан, иазыԥхьагәаҭоу женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа Лаша  Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Саид Какалиа, Мадина Шамба.

Қырҭтәыла аполитикатә амбициақәа зегь рхадараҿы иаргылоит убри алагьы Женеватәи аиҿцәажәарақәа ԥхьаҟатәи рымҩаԥгара аҟазаареи-аҟамзаареи ирыбжьаргыланы иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылараан, цәыббра 20 рзы.

"Сара исҭахын шәазхьасырԥшырц ақырҭуа напхгара рхымҩаԥгашьа. Уи Женеватәи аиҿцәажәарақәа анырра бааԥс рынаҭоит. Агәҭынчымра ҳазцәырнагоит ақырҭуа ган "Отхозория-Татунашьвили" рус иадҳәаланы апроцесс амҩаԥгара шрыгәҭаку", — иҳәеит иара.

Асиа "Отхозория-Татунашьвили" Қырҭтәыла инадҳәаланы аԥсуа ган Гал ақалақь аҿы имҩаԥырго аинцидентқәа раԥырҟәҟәааразы амеханизм (МПРИ) изаамҭанытәиу араунд ааннакылар акәхеит.

"Ҳара ари аформат аусура ҳшадгылаҩцәоу азы изныкымкәа аҳәамҭа ҟаҳҵахьеит. Ақырҭуа ган иазнархиаз асиа "Отхозория-Татунашьвили" аҿы иарбаз Аахыҵ Уаԥстәыла ҩыџьа атәылауаа Интерпол ала рыԥшаара иаҿуп. Ҳара аамҭала Галтәи аиԥыларақәа аанаҳкылоит", — иҳәеит аминистр.

Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак Тоиво Клаар ацхантәаҩцәа зегь рыхьӡала аԥсуа жәлар дрыдышшылеит аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара инадҳәаланы.

Уи ашьҭахь иара иазгәеиҭеит:
"Женеватәи аиҿцәажәарақәеи МПРИ аформати аҵак ду рыманы иҟоуп Евроеидгылеиԥш ООН, ОБСЕ рызгьы. Ҳара ҳзы акраанагоит урҭ ишахәҭоу еиԥш русура", — иҳәеит иара.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ООН ахаҭарнак Џьихан Султаноглу иазгәалҭеит ООН амаӡаныҟәгаҩ хада ааԥхьара шыҟаиҵаз еиуеиԥшым азнеишьақәа аус рыдулазарц Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа реиӷьтәразы.
"Ҳара аиҿцәажәара алахәылацәа зегь шәахь ааԥхьара ҟаҳҵоит азҵаарақәа зегьы рҿы аинырра ҟашәҵаларц. Сара ара сзыҟоу аганқәа ргәаанагарақәа сырзыӡыҩрырц азоуп. Ҳара ибзианы ҳазхәыцроуп аиҿцәажәаратә процесс шеиӷьаҳтәыша", — лҳәеит Султаноглу.

ОБСЕ ахаҭарнак Рудольф Мичалка иҳәеит дызхаҭарнаку аиҿкаара ашәарҭадара зегьы ирхаданы ишашьо, аиҿцәажәара алахәылацәа рыбжьара аусеицура ишадгыло.

Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 45-тәи рраунд мҩаԥгахоит жьҭаара 19-20 рзы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: