Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы аиҧылара мҩаҧысит

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы аиҧылара мҩаҧысит
23 November 2017 1592
Абҵара 23 рзы Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Женеватәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рҧылара мҩаҧысит. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба идикылеит Женеватәи аилацәажәарақәа рҟны ООН, ЕС, ОБСЕ рхаҭарнакцәа Антти Турунен, Гиунтер Бехлер, Тоиво Клаар. Аԥснытәи аган ахьӡала аиԥылара иалахәын Адәныҟатәи аусқәа рминсистрра аусзуҩцәа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Иракли Ҭыжәба.

Женеватәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа идкылауа, атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба имҩаҧысраны иҟоу Женеватәи аилацәажәарақәа изаамҭанытәи араунд амшхәаҧштә зҵаарақәа дырзааҭгалеит.
Аминистр Женеватәи аилацәажәарақәа ацхантәаҩ ҿыц, Европатәи атәылақәа Реидгыла (ЕС) ахаҭарнак Тоиво Клаар бзиала уаабеит ҳәа иеиҳәеит. Убри аан уи иазгәеиҭеит: “Сара агәра ганы сыҟоуп Женеватәи аилацәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡахо Шәара шәусура алҵшәа бзиа шаанарҧшуа. Ҳара акоманда бзиа шьақәгыланы иҳамоуп, уи аусура ахықәкы анагӡара иазырхоуп. Зегьы ирыцку – Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара амч ахархәара мап ацәкра азы аҩганк ирзеиҧшу аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра алыршара ауп”.

Убри аан, Даур Ақаҩба Женеватәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа шотландиатәи ақалақь Килмарнок аҿы абаҟа ақәгара иазкны Қырҭтәыла анаҧхгара аганахьала аҭыҧ змаз аинцидент ахшыҩзышьҭра арҭарц азы ажәалагала ҟаиҵеит. Даур Ақаҩба амемориал ашьақәыргылара аҭоурых еиҭеиҳәеит: “Великобританиа иҟоу Қырҭтәыла ацхаражәҳәаҩ Ҭамара Беручашвили лаҧшьгарала, шотландиатәи амчрақәа 1995 шықәса рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара иазкны иргылаз абаҟа ақәгара иақәшаҳаҭхеит. Килмарноки Аҟәеи– аиашьаратә қалақьқәоуп. 1995 шықәса рзы Аҧснытәи аделегациа ақалақь Килмарнок иаҭааит, убасҟан ауп иҭахаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәаразы амемориал ашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵаз. Аха рыцҳарас иҟалаз, ҳра ақырҭуа гани еиуеиҧшым ахылаҧшырҭақәеи рҟынтәи абаҟа ақәгареи уи иану аҩыра аҧсахреи, анаҩстәи абжьаҟазаратә процесс аиҕьтәреи аҧсуааи ақырҭқәеи реизааигәатәра иацхраауеит ҳәа еиуеиҧшым агәаанагарақәеи аҳәамҭақәеи рыӡбахә ҳаҳауеит. Ишәдыруазар сҭахуп, ас еиҧш иҟоу аҧшьгарақәа адгылара рыҭара залыршахом, аҧсуаа реилазаара ари аҩыза аинцидент ҕәҕәала иақәыӡбоит. Ҳара Аҧсадгьыл ахьчаҩцәеи агрессорцәеи реибеиҧштәра ахаангьы иҳаураны ҳаҟаӡам!”-иҳәеит Даур Ақаҩба.
Аминистр иахьа ақырҭуа ган иҟанаҵаз ас еиҧш агәымбылџьбаратәи ашьаҿа иахәҭоу аофициалтә хәшьара шаиуо азы агәыҕра зныҧшуа аҳәамҭа ацхантәаҩцәа рнапаҿы ишадыркхо азгәеиҭеит.
Иара убас, Даур Ақаҩба Женеватәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Еиду Америкатәи Аштатқәа ртәылахьчара Аминистрра иатәу арратә усеицура Аусбарҭа асаит аҿы икьыҧхьыз  аинформациа ахшыҩзышьҭра арҭарц азы ажәалагала ҟаиҵеит. “Иарбоу адырраҭара инақәыршәаны, абҵарамза 17 рзы Еиду Америкатәи Аштатқәа ртәылахьчара Аминистрра атанкҭархага ракета “Javelin” Қырҭтәылаҟа анашьҭра азы аилаӡара ақәыршаҳаҭра шаиуз азы Аконгресс адырра анаҭоит. Уи иаанаго, Қырҭтәыла 72 ақәҧшыга- аужьратә шьақәгылагақәеи 410 аҭанкҧжәагатә комплекс зцу аракетақәеи 10 азыҟаҵаратә комплексқәеи урҭ ирықәшәо 70 аиҵаҵақәеи аанахәеит. Ақырҭуа аган иҟанаҵо аҳәамҭа ала, иарбоу абџьар ахыхьчара аҳасабала иаахәоуп. Ҳара Қырҭтәыла НАТО ахылаҧшрала хыҧхьаӡара рацәала имҩаҧысуа арратә зыҟаҵарақәа Шәара ахшыҩзышьҭра ашәҭарц азы изныкымкәа ажәалагалақәа ҟаҳҵахьеит. Ақырҭуа ган амчра ахархәара мап ацәкра азы аҩганктәи Аҳәамҭа анапаҵыҩра мап ахьацәнакуа ҳасаб азуны уахәаҧшуазар, Қырҭтәыла арратә реванш амҩаҧгара азы агәҭакы амоуп ҳәа агәаанагара ҳазцәырнагоит”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Даур Ақаҩба.
Аминистр, Қырҭтәыла арратә риторика уеизгьы иаанарҧшуа зҽазҵәылху азыҟазаара аармаҷны, Женеватәи аилацәажәарақәа изаамҭанытәиу араунд аҿы амч ахархәара мап ацәкра азы аҩганктәи аҳәамҭа анапаҵыҩра иазааип ҳәа агәыҕра шимоу азгәеиҭеит.  

Ахәҭакахьала, Аахыҵ-Кавказ иадҳәалоу азҵаарақәеи Қырҭтәыла ишьақәгылаз акризиси рзы Европатәи атәылақәа Реидгыла (ЕС) иҷыдоу ахаҭарнак Тоиво Клаар ишазгәеиҭаз ала, иахьа иааникыло амаҵураҭыпуаҩ иаҳасабала ари иара раҧхьатәи иҭаара ауп: “Сара уаанӡа шықәсқәак инеиҧынкыланы Европатәи атәылақәа Реидгыла (ЕС) ахылаҧшратә миссиа анаҧхгаҩы имаҵураҭыҧ ааныскылон. Убри аҟнытә арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы бзианы исдыруеит, Аинцидентқәа Рыҧхырҟәҟәаареи Рызхьаҧшреи Рмеханизм (МПРИ) аусура атәы здыруеит, хаҭала Женеватәи аилацәажәарақәа русура изныкымкәа схы аласырхәхьеит. Араҟа излацәажәахо азҵаарақәа зегьы аҵакы ҕәҕәа рымоуп. Женеватәи аилацәажәарақәа русура хра злу алагала сзалаҵап ҳәа гәык-ҧсыкала сақәгәыҕуеит”.

Иара убас, Тоиво Клаар шотландиатәи ақалақь Килмарнок аҿы ишьақәыргылоу аҧснытәи аибашьцәа рбаҟа ақәгара аганахьала игәаанагара атәы иҳәеит: “Ҳара ҳгәаанагарала аҭыҧантәи амчрақәа абаҟа аиқәырхара ҳаҭырла иазныҟәароуп. Ҳара адискуссиақәа ирылаху аганқәа зегьы рахь ҳхы рханы иҳаҩсхьоу аҭынха аҳаҭыр абара алдыршарц азы ааҧхьара ҟаҳҵоит. Ари аганахьала ацхантәаҩцәа, жәаҳәарада  аусура ҳазхиоуп”.
Аиҧылараҿы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аганахьала Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы Женеватәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩ Анти Турунен, уажәы иааникыло амаҵураҭыҧуаҩ иаҳасабала ари Аҧсныҟа иҭаара  аҵыхәтәантәи ауп: “Акыраамҭа иалагӡаны сара Аҧсны атәыла анаҧхгара аганахьала адгылара бзиа сыман. Агәыҕра сымоуп сара саамышьҭахь ари амаҵураҭыҧ ааныскылогьы убасҵәҟьа ацхыраара иоулап ҳәа”. Уи иажәақәа рыла, иахьа амчра ахархәара  мап ацәкра азы аҩганктәи аҳәамҭа анапаҵыҩра азҵаара уаанӡа аҵкьыс еиҳагьы актуалра аҵоуп. “Иахьа аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоугьы, ҳара Женева имҩаҧысуа аусурала еиҧш Аинцидентқәа Рыҧхырҟәҟәаареи Рызхьаҧшреи Рмеханизм (МПРИ) аҳәаақәа ирҭагӡангьы ҩаҧхьа аибырххара ҟамларц азы, хымҧада иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп”, – ҳәа иажәа хыркәшо инаҵшьны иазгәеиҭеит Анти Турунен.

Изаамҭанытәиу Женеватәи аиԥыларақәа 42-тәи рраунд азыԥхьагәаҭоуп 2017 шықәса ԥхынҷкәын 12-13 рзы Женева ақалақь аҿы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: