Аминистри женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи еиԥылеит

Аминистри женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи еиԥылеит
12 June 2019 915
Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 48-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымзазы. Уи аламҭалазы  Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит. Уи аиԥылара мҩаԥысуан рашәара 12 рзы.

Аиԥылара иалахәын: Аԥсны Ашәарҭадаратә Маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Владимир Арланы адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа: Алиас Асабуа, Џьамал Бганба, Мадина Шамба.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа данырԥылоз Қырҭтәыла аԥыза-министр Мамука Бахтаӡе иажәахә иаанарԥшуеит ақырҭуа напхгара адунеи ауаажәларра рҿаԥхьа Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа дара ишырҭаху ала ишаадырԥшуа ҳәа иҳәеит

Ақаҩба иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра Аԥсны амармалташь пты анырҵәаразы 600 нызқь лари азаашьҭуп ҳәа аҳәоит Бахтаӡе иажәахә аҿы.

"Сара ҭакԥхықәра схы иадҵо исҳәоит Аԥсны аиҳабыра Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтәи акгьы шрыдрымкылаз. Ареспубликахь иааз ахәшә зегьы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынтәоуп иахьаашьҭыз. Урҭ аиҿкаарақәеи Қырҭтәыла абиуџьети ак ракәым", - иҳәеит иара.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа агәра диргеит ареспублика аусбарҭақәа ишрылшо амармалташь пты ақәхразы иаашьҭу ахәшәқәа шьаҭас ирымоу адокументқәа рӡыргара.

"Қырҭтәыла аиҳабыра арҭ ахәшәқәа дара ишаарышьҭыз атәы зҳәо адокументқәа рыманы иҟазар, ицәырыргар ҟалоит", - иҳәеит аминистр.

Ақаҩба иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Аԥсны ахы ианархәоит атәылаҩнуҵҟатә политикатә еиҿагылараҿгьы ҳәа. Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла иахьагьы ахы ианархәоит аоппозициатә партиа "Европейская Грузия" иаԥнаҵаз асанкциатә сиа Оҭхозориа-Татунашвили (Қырҭтәыла атәылауаа рганахьала еиуеиԥшым ацәгьоурақәа харас издырҵо ахаҿқәа рсиа - аред.).

Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩы Хаику Мамо иҳәеит аиҿцәажәарақәа 48-тәи рраунд аан еиуеиԥшым азҵаарақәа ишрылацәажәахо.

"Иҟоуп ҳазлацәажәаша ахырхарҭақәа рацәаны, аформат МПРИ апроблемагьы абрахь иналаҵаны", - иҳәеит иара.

Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ЕЕ ахаҭарнак  Тоиво Клаар инаҵшьны иазгәеиҭеит  дара зегьы ирымоу хықәкык шакәу – уи Женеватәи аиԥыларақәа хра рыманы рыҟаҵароуп.

Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 48-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымза 2 – 3  2019 шықәса рзы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: