Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылара мҩаԥысит

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылара мҩаԥысит
25 November 2020 775

Абҵара 25 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба идикылеит Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа –Тоиво Клаар, Џьихан Султаноглу, Рудольф Михалка.

Аиԥылара иатема хаданы иҟан изаамҭанытәиу Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд амшхәаԥштә азҵаареи коронавирустә инфекциа COVID-19 алаҵәара аамҭазы арегионалтә шәарҭадареи аҭышәынтәалареи рызҵаарақәа.

Ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа далацәажәо аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба иҳәеит атәылаҿы аҭагылазаашьа шьақәтәаны иҟоуп ҳәа, ҭабуп ҳәа ахиҳәааит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа иҟарҵо ацхыраара. 

Ашәарҭадара азҵаара иалацәажәо аԥсуа ган агәҭынчымра аадырԥшит Қырҭтәыла бџьарла аҽеиқәыршәара ҳәаа ахьамам азы. Иракли Ҭыжәба ацхантәаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аахыҵ Кавказ аибарххара аҭыԥ амоуразы ахылаԥшра ҟарҵарц.

Аиԥылараҿы иара убасгьы агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа ирылацәажәан.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд 2020 шықәса ааԥынразы имҩаԥысраны иҟан, аха акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны иахыган. Уажәы амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәын 10-11 рзы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: