Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит
7 March 2018 983
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь, урыстәылатәи атранспорттә ҳаирплан АН-26 аҭахара инадҳәаланы. Аҳаирплан иҭаз 33-ҩык апассаџьырцәеи 6-ҩык аҳаирплан аекипажи ҭахеит.

Адашшылараҟны иҳәоуп:

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны гәалсра дула ирыдыркылеит урыстәылатәи атранспорттә ҳаирплан АН-24 Шьамтәыла аҭахара. Абри арыцҳара Аԥсны иқәынхо дарбанызаалак гәхьаа дуны изыҟалеит» ҳәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра арратә ҳаирплан иҭаз рыуацәеи рҭынхацәеи ирыдашшылеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: