Абҵара 24, 2020 шықәса рзы иҵит 6 шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуижьҭеи.
Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа ирылдыршеит аҳәынҭқаррақәа рыҩба реизыҟазаашьақәа аҩаӡара ҳаракы ахь рнагара, иаԥнаҵеит еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны аусеицура аиҵыхразы аҭагылазаашьа ҿыцқәа раԥҵара.
Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ганрацәалатәи аинырразы активтә усура мҩаԥыргоит. Иҟоу аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбразы иахәҭаны иҟоу, наҟ-ааҟ еицырзыфеидоу аӡбрақәа рыԥшаара алнаршоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ԥхьаҟагьы ирыгәҭакуп аҳәынҭқаррабжьаратә диалог арҿиара.