Даур Ақаҩба сергеи Лавров адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит

Даур Ақаҩба сергеи Лавров адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит
9 September 2019 578
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи  жәеиза шықәса аҵра инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:

"Иахьа иҵит жәеиза-шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи.

11-шықәса раԥхьа, цәыббрамза 9, 2008 шықәсазы Урыстәылеи Аԥсныи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аилацәажәарақәа мҩаԥысуан.

Уи аҽны Урыстәылатәи Афедерациа акрызҵазкуа ашьаҿа ҟанаҵеит, ари ахҭыс иабзоураны еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа аҩаӡара ҳаракахьы рнагара алыршахеит. Иахьа Аԥсныи Урыстәылеи русеицура агәреибагареи, зинла аиҟарареи, аҳаҭыреиқәҵареи шьаҭас иаманы ишьақәгылоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ԥхьаҟагьы хықәкны ирымоуп ганрацәала реиҩызара арҿиареи аԥсуа-аурыс еинырра аҿаиара аԥеиԥш инарҭбааны аарԥшреи"


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: