Адипломат имш инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит

Адипломат имш инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит
10 February 2017 1075
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Урыстәылатәи адипломатиа еснагь ахьӡ ду аманы иҟан ипрофессионалу, зыжәлари зыԥсадгьыли бзиа избо, атәыла адәныҟаполитикатә курс аларҵәаразы зхы иамеигӡо акадырқәа рыла. Иахьагьы, адипломатиатә маҵзура аусзуҩцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит Урыстәылатәи Афедерациа адунеижәларбжьаратә аренаҟны ахьӡ-аԥша аизҳаразы.

Адипломатцәа рҟазара ҳаицәажәареи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ҳаимадареи апроблемақәа раԥырҟәҟәаареи ирыцхраауеит.

Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа, абри аныҳәатә мшы азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аилазаара рыхьӡала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара зҩыда, шәусураҟны ақәҿиара бзиақәа, аманшәалара».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: