Даур Ақаҩба Алеқсеи Двинианин имшира идиныҳәалеит

Даур Ақаҩба Алеқсеи Двинианин имшира идиныҳәалеит
5 March 2019 804
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианин имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иаҳәоит:

«Шәара шәџьатә мҩа иаанарԥшуеит шәхазы иалышәхыз аус – Урыстәыла ажәлар рымаҵ аура амҩа шәшацәхьамҵуа.
Иахьа шәара Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ишәылшо зегь ҟашәҵоит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи рзы.

Агәра згоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы ҳажәларқәа рыҩбагь реизҳазыӷьараз хра рыманы иҿиалап ҳәа.»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: