Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркуижьҭеи 27 шықәса ахыҵра инамаданы.
Ашәҟәаҿы хаҭала иҳәоуп:
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵара аҳәынҭқарра аӷьацареи аӷәӷәахареи рус аҿы акрызҵазкуа усны иҟалеит.
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҩаӡара ҳарак змоу адипломатцәа еидызкыло, жәларбжьаратәи аренаҿы атәыла аинтересқәа рыхьчара зылшо дәныҟаполитикатә усҳәарҭаны иҟоуп.
Ҳминистррақәа рыбжьара иҟоу аинырра бзиа ҳаҭыр-пату ақәаҳҵоит. Агәрахаҵара сымоуп уи ԥхьаҟагьы ишеизҳауазы.»