Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Аахыҵ Уаԥстәылаҟа

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Аахыҵ Уаԥстәылаҟа
23 November 2020 556

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәарҭо афырхаҵареи жәлар ракзаара Амши рныҳәа.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иаҳәоит:

«Абҵара 23 1989 шықәса акзаареи афырхаҵареи ирымшуп. Ақырҭуа националистцәа бџьаршьҭыхла ирҿагылаз Аԥсадгьыл аԥацәа иаадырԥшит зхаҿы аагара уадаҩу афырхаҵара, Аԥсадгьыл абзиабара, агәымшәара, акзаара.

Аахыҵ Уаԥстәыла уаанӡагьы изныкымкәа аӷа гьангьаш аԥышәара иҭаиргылахьан, аҟазаареи аҟамзаареи рыбжьара инанагахьан. Аха еснагь, аӷа иҿагылон гәымшәара злаз, аԥсадгьыл абзиабара ԥшьа зегьы рхадараҿы изыргылоз ажәлар.

Иахьагьы, Аахы-Уаԥстәыла иқәынхо ажәлар жәҩахыреибыҭала, рыԥсадгьыл ахьыԥшымреи ахақәиҭреи рыхьчоит.

Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит Аахыҵ-Уаԥстәылеи дареи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа. Агәрагара сымоуп аҩ-тәылак рыбжьара имҩаԥысуа аусеицура ҳажәларқәа рыҩбагь ринтересқәа рзы хра аманы иҟалап ҳәа».


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: