Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр имшира идиныҳәалеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр имшира идиныҳәалеит
16 May 2019 695
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев  адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.

Ашәҟәаҿы хаҭала иҳәоуп:

«Азин сышәҭ гәыкԥсык ала  шәымшира шәыдысныҳәаларц. Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шәара шәнапхгарала иаку, аҩаӡара ҳарак змоу адипломатцәа еидызкыло, жәларбжьаратәи аренаҿы атәыла аинтересқәа рыхьчара зылшо  дәныҟаполитикатә усҳәарҭаны иҟоуп.

Дмитри Николаи-иԥа, шәара шәԥышәа ду, шәморалтә ҟазшьа ҳаракқәа Аахыҵ Уаԥстәылеиԥш Аԥсны Аҳәынҭқарраҿгьы аҳаҭыр-апату рымоуп. Аԥсны иқәынхо ажәлар ҩызак иашьак иҳасабала ишәзыҟоуп.
Пату ду ақәаҳҵоит ҳажәларқәа реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы шәлагала ду».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: