Даур Ақаҩба Џьорџь Хиуит дидныҳәалеит

Даур Ақаҩба Џьорџь Хиуит дидныҳәалеит
12 November 2019 919

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба британиатәи аҵарауаҩ, кавказҭҵааҩ, Лондонтәи ауниверситет Мрагыларатәии Африкатәии аҭҵаарақәа Рышкол апрофессор, Британиа Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳаҭыртә лахәыла, Жәларбжьаратәи Аҭҵаарадырратә ачерқьестә академиа аҳаҭыртә лахәыла, Британиа иҟоу Аԥсны аҳаҭыртә консул, «Ахьӡ-аԥша» аорден занашьоу Џьорџь Хиуит 70-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿ иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Џьорџь Хиуит! 

Азин сышәҭ ҳаҭыр ду шәықәҵо, 70-шықәса шәхыҵра шәыдысныҳәаларц. Шәара шәыхьӡ Аԥсны иззымдыруа дмаҷуп. Шәыҭҵаарадырратә усурала адунеи иашәырдырхьеит аԥсуа жәлар ибеиоу ркультуратә ҭынха. Шәыпрофессионализми шәҟәыӷареи ҳтәыла ахьынӡа-наӡааӡо ҳаҭыри патуи рзақәуп» ҳәа.




Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: