Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқаррахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы Ахантәаҩы Беслан Дбар идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқаррахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы Ахантәаҩы Беслан Дбар идиныҳәалеит
23 March 2018 1019
Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқаррахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵара 25 шықәса ахыҵра инамаданы Ахантәаҩы Беслан Дбар идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡалеи хаҭала сара сҟынтәи Шәареи шәколлективи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқаррахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ашьақәгылара 25 ахыҵра шәыдысныҳәалоит.

Хәажәкыра 23, 1993 шықәса, ишьаарҵәыроу аамҭа ҳанҭагылаз, Аԥсны Иреиҳау Ахеилак Ахантәаҩы Идҵаԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқаррахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан.

Аилак ианышьақәгылаз раԥхьаӡатәи амшқәа инадыркны Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы напынҵас иамоу аусқәеи, зҭоурыхтә Ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз аиашьара жәлар радаптациеи қәнагала инанагӡоит, иара убас Аԥсны ашәҭыкакаҷра алзыршо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыреи еиднакылоит.

Ҳҳәынҭқарра арӷәӷәараҿы ари ахеилак усзуҩыцыԥхьаӡа илагала хәы змаӡам акәны иҟоуп, 25 шықәса уи ыҟанаҵы апатриоттә усқәа ԥсыцқьала иазнеины ҳауаажәлар Рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра алзыршоз зегьы.

Ари амш аҽны Шәареи шәколлектив зегьыи насгьы Аилак аветеранцәеи шәхықәкқәа рынагӡараҿы аманшәалара шәзеиӷьасшьарц алшара сышәҭ, уи анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқарра иахәарҭахаша имҩаԥыжәго афырхаҵаратә џьазы ҭабуп ахаҳҳәаауеит.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: