Даур Ақаҩба Игор Ахба имшира идиныҳәалеит

Даур Ақаҩба Игор Ахба имшира идиныҳәалеит
5 February 2021 348

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчра нагӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Шәыԥсадгьыл аҿи анҭыҵи шәара шәеицырдыруеит апрофессионалтә ҩаӡара ду змоу дипломатк, политикк иаҳасаб ала. Шәара иналукааша шәҟазшьақәа аҵак ду рымоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа адунеижәларбжьаратә аренаҟны рцәыргараҿгьы. Шәуаҩытәыҩсатә ҟазшьа ҷыдақәа ракәзар, иаашәыкәыршаны иҟоу ауаа рганахь ала аҳаҭырқәҵара ду цәырыргоит.

Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу цҳаражәҳәаҩык иҳасаб ала шәусура иалҵшәоуп иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа, шәлагала дууп Аԥсны ашәарҭадареи асуверинитети рырӷәӷәараҿы.

Агәра згоит шәҟазара ҳараки ишәывагылоу рахь ишәымоу аҳаҭырқәҵареи ԥхьаҟагьы шәусқәа шеихарҳауа, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа хра аманы аусура ишацхраауа».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: