Даур Ақаҩба Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат имшира идныҳәалеит

Даур Ақаҩба Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат имшира идныҳәалеит
6 June 2020 664

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат имшира идныҳәалеит. 

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Шәара Венесуела адәныҟаполитикатә позициа арӷәӷәареи жәларбжьаратәи аренаҟны иара аинтересқәа рыхьчареи алагала ду иашәҭо ахә ҳаракны ишьоуп.

Аԥсны анапхгара Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҭынчреи, ахьыԥшымреи, ажәлар рхалахатәҳәаақәҵареи ирзырханы имҩаԥнаго ақәԥара иаша иадгылоит.

2017 шықәса хәаәкырамзазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела сыҟазаара иҟәандоу аԥхарра аҵаны исгәалашәоит.

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳажәларқәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аиҩызара. Ҳгәыӷуеит ԥхьаҟагьы ҳтәылақәа рԥеиԥш лашазы ҳусеицура иацаҳҵап ҳәа».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: