Даур Ақаҩба Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр имшира идиныҳәалеит

Даур Ақаҩба Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр имшира идиныҳәалеит
28 November 2017 765
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дениса Роналдо Монкада имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны ҷыдала иазгәаҭоуп:

«Шәара шәыԥсадгьыл аҿы аиԥш иара анҭыҵгьа инаҳараку ахьӡ-аԥша шәыманы шәыҟоуп. Ахәшьара ду рымоуп ареспублика аинтересқәа рзы шәылшамҭақәа. Хымԥада агәра згоит шәара ишәымоу аҳәынҭқарратә маҵзура аԥышәеи шәпрофессионализм ҳараки Ареспублика Никарагуа жәларбжьаратәи аренаҟны иааннакыло аҭыԥ ԥхьаҟазы ишарӷәӷәо, шәусура хра аманы ишыҟало.

Аԥсны Аиҳабыреи ажәлари Ареспублика Никарагуа анапхгара имҩаԥырго аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ахьыԥшымра ҳаҭыр ақәҵареи, ахатәхалаҳәаақәҵара адгылареи ирзырхо ақәԥара ԥшьа иадгылоит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит, патугьы ҳзақәуп ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аиҩызаратә еизыҟазаашьа.

Ԥхарра дула исгәаласыршәоит 2017 шықәса, ажьырныҳәамзазы Ареспублика Никарагуа сыҟазаара, шәареи сареи уа ҳаинырра, ҳаицәажәара. Уа сыҟазаареи усҟан иалыршахаз ҳаиқәышаҳаҭрақәеи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ҳусеицура аизҳа-зыӷьара алдыршеит».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: