Адипломат имш инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит

Адипломат имш инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит
12 February 2019 574
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Адипломатиа – ари  аԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчара иазырхо ҟазароуп.  Урыстәылатәи адипломатиа апатриотизми аԥсадгьыл абзиабареи  раарԥшра алзыршо ҿырԥштә дуны, акыр изызхәыцу адәныҟаполитикатә курс мҩаԥызго усбарҭоуп. Иара еснагь ахьӡ ду аманы иҟан ипрофессионалу, зыжәлари зыԥсадгьыли бзиа избо, атәыла адәныҟаполитикатә курс аларҵәаразы зхы иамеигӡо акадырқәа рыла. Иахьагьы, адипломатиатә маҵзура аусзуҩцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит Урыстәылатәи Афедерациа адунеижәларбжьаратә аренаҟны ахьӡ-аԥша аизҳаразы.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа астратегиатә ҟазшьа рыманы иҟоуп.  Ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аинырра аҵак ду амоуп арегион аҟны аҭынчреи ашәарҭадареи рыҟазааразы. Адипломатцәа рҟазара ҳаицәажәареи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ҳаимадареи апроблемақәа раԥырҟәҟәаареи ирыцхраауеит.

Абри аныҳәатә мшы азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аилазаара иахьа адипломатиатә усураҿ иҟоу реиԥш аветеранцәагьы, урҭ рҭаацәарақәагьы  ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара зҩыда, шәусураҟны ақәҿиара бзиақәа, аманшәалара».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: