Даур Ақаҩба Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит

Даур Ақаҩба Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит
10 February 2020 660

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Урыстәылатәи адипломатиа апатриотизми аԥсадгьыл абзиабареи раарԥшра алзыршо ҿырԥштә дуны, акыр изызхәыцу адәныҟаполитикатә курс мҩаԥызго усбарҭоуп. Иара еснагь ахьӡ ду аманы иҟан ипрофессионалу, зыжәлари зыԥсадгьыли бзиа избо, атәыла адәныҟаполитикатә курс аларҵәаразы зхы иамеигӡо акадырқәа рыла. Иахьагьы, адипломатиатә маҵзура аусзуҩцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит Урыстәылатәи Афедерациа адунеижәларбжьаратә аренаҟны ахьӡ-аԥша аизҳаразы.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа астратегиатә ҟазшьа рыманы иҟоуп. Ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аинырра аҵак ду амоуп арегион аҟны аҭынчреи ашәарҭадареи рыҟазааразы. Адипломатцәа рҟазара ҳаицәажәареи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ҳаимадареи апроблемақәа раԥырҟәҟәаареи ирыцхраауеит. Агәра згоит иҟоу аинырра, аусҳәарҭабжьаратә еизыҟазаашьагьы абрахь иналаҵаны, ԥхьаҟагьы аԥеиԥш аманы иҟалап ҳәа.

Сергеи Виктор-иԥа, абри аныҳәатә мшы азы ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара зҩыда, шәусураҟны ақәҿиара бзиақәа, аманшәалара».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: