Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәалара ҟаиҵеит

Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәалара ҟаиҵеит
11 February 2018 730
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр сергеи Лавров адныҳәаларатә шәҟәы азишьҭит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Урыстәылатәи адипломатиа еснагь ахьӡ ду аманы иҟан ипрофессионалу, зыжәлари зыԥсадгьыли бзиа избо, атәыла адәныҟаполитикатә курс аларҵәаразы зхы иамеигӡо акадырқәа рыла. Зыхьыӡқәа адунеи аҟны иналукааша ааҳәынҭқарратә усзуҩцәа еиҵазааӡаз Урыстәылатәи адипломатиа ҿырԥшыганы иҟоуп адәныҟаполитикатә усура амҩаԥгара иашала, интеллектуал ҳаракыла иазнеиуа акакәны. Иахьагьы, адипломатиатә маҵзура аусзуҩцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит Урыстәылатәи Афедерациа адунеижәларбжьаратә аренаҟны ахьӡ-аԥша аизҳаразы.

Адипломатцәа рҟазара ҳаицәажәареи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ҳаимадареи апроблемақәа раԥырҟәҟәаареи ирыцхраауеит. Урыстәылатәи адипломатиазы иҟазшьа ҷыданы иҟоуп аус зыцнауа аҳәынҭқаррақәа рганахь ала ҳаҭырқәҵарыла, патуқәҵарыла аусура азнеира.

Аԥсны ажәлар ахә ҳаракны иршьоит Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо ацхыраара ду. Ҷыдала ахәшьара уадаҩуп хаҭала шәара имҩаԥыжәго аусура. Абри аныҳәатә мшы азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аилазаара ишәзеиӷьаршьоит агәабзиара зҩыда, шәусураҟны ақәҿиара бзиақәа, аманшәалара».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: