Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Сергеи Лавров иахь

Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Сергеи Лавров иахь
4 November 2019 835

Жәлар ракзаара Амш аныҳәа инадҳәаланы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иахь.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Ари аныҳәа иугәаланаршәоит фырхаҵара згым урыстәыла аҭоурыхи шәышықәсалатәи жәлар ракзаара атрадициақәеи. Агәрагара сымоуп аԥсуа-аурыс еинырра шьаҭаны ишазыҟоу аилибакаара, агәреибагара.

Аҭоурыхтә ҵак ду зманы иҟоу ари аныҳәа иахьагьы иалшоит ажәлар реидкылара, Урыстәыла атәылауаа зегьы рыԥсадгьыл армарымажаразы мҩак реицанылара.»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: