Даур Ақаҩба Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит

Даур Ақаҩба Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит
10 February 2021 393

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Урыстәылатәи адипломатиа апатриотизми аԥсадгьыл абзиабареи раарԥшра алзыршо ҿырԥштә дуны, акыр изызхәыцу адәныҟаполитикатә курс мҩаԥызго усбарҭоуп. Иара еснагь ахьӡ ду аманы иҟан ипрофессионалу, зыжәлари зыԥсадгьыли бзиа избо, атәыла адәныҟаполитикатә курс аларҵәаразы зхы иамеигӡо акадырқәа рыла. Иахьагьы, адипломатиатә маҵзура аусзуҩцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит Урыстәылатәи Афедерациа адунеижәларбжьаратә аренаҟны ахьӡ-аԥша аизҳаразы.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ҳаҭыр ду ақәырҵоит Урыстәылатәи Афедерациеи адунеитә аренаҿы Аԥсны апозициақәа рырӷәӷәаразы иҟанаҵо аҽазышәарақәа. Агәра аагоит ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аинырра аҵак ду амоуп арегион аҟны аҭынчреи ашәарҭадареи рыҟазааразы».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: