Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр иахь

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр иахь
4 November 2017 822
Жәлар ракзаара Амш аныҳәа инадҳәаланы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иахь

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа, аҽазныкгьы ҳаҭыр ду шшәықәырҵо шәырдыруа, ишәыдысныҳәалоит Жәлар ракзаара Амш аныҳәа.

Ари аныҳәа иугәаланаршәоит фырхаҵара згым Урыстәыла аҭоурыхи шәышықәсалатәи жәлар ракзаара атрадициақәеи. Аҭоурыхтә ҵак ду зманы иҟоу ари аныҳәа иахьагьы иалшоит ажәлар реидкылара, Урыстәыла атәылауаа зегьы рыԥсадгьыл армарымажаразы мҩак реицанылара.

Аҭынчреи ахақәиҭреи, Аԥсадгьыл аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра дуи ахаангьы урыстәылатәи ауаажәларратә еилазааразы хра зманы иҟоу усны иԥхьаӡан. Иахьагьы, Урыстәыла атәылауаа, рдинхаҵароума, рполитикатә дунеихәаԥшышьа аума, рмилаҭра аума – ирыхьмырԥшыкәа рҽеидкыланы Урыстәыла иӷәӷәоу, амчра змоу, ишәҭыкакаҷуа тәыланы аҟаҵара рҽазыршәоит».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: