Ажәабжь ҿыцқәа

Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу ачерқьестә гәыҳалалратә ассоциациа адиректорцәа Рхеилак ахантәаҩы Гассан Шоуреи реиԥылара мҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
2024 шықәса жәабран 19 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент адиректор Алексеи Климови реиԥылара м ҩаԥысит.
2024 шықәса жәабран 15 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит ацәыргақәҵа «Венесуела 20-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аурыс ҟазара» аартра ацеремониа Венесуела иҟоу Урыстәла аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров инаԥхьарала.
2024 шықәса жәабран 14 рзы НИУ ВШЕ аректор Никита Анисимов иҟаиҵаз анаԥхьарала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дырԥылеит аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәа, астуденттә ԥхьагылаҩцәа рыплатформа «ГосВышка» алахәылацәа.
Жәабран 14 рзы, усутә ныҟәарыла Москваҟа амҩа дықәлеит Инал Арӡынба.
10 February 2024 71 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.
5 February 2024 124
2024 шықәса жәабран 2 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчы змоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хосе Арруе инаԥхьарала даҭааит ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа Боливариантәи Ареволюциа 25 шықәса ахыҵра амш азы.
Шьамтәыла иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар Аль-Асад агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.
5 February 2024 82
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад 70 шықәса ихыҵра амш идиныҳәалеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив аԥсуа дипломат, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ, аорден «Ахьӡ-Аԥша» II, III аҩаӡарақәа занашьоу Игор Ахба 75-шықәса ихыҵра идырныҳәалеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: