Ажәабжь ҿыцқәа

26 February 2024 88 Анотақәа
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит.
2024 шықәса жәабран 22 рзы Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр Урыстәыла ахада иалхра аламҭалаз имҩаԥнагоит астол гьыжь "Урыстәылеи Аԥсни: ашәарҭадареи аҿиареи". Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны АдәА рминистр Инал Арӡынба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
2024 шықәса жәабран 22 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа римнистр Инал Арӡынба Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аилак аҿар рыҟәша аиҳабы Идрисом Кара - Осман-оӷлыи Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент адиректор Ельза Ҳагԥҳаи дырԥылеит.
23 February 2024 50 Анотақәа
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит
23 February 2024 48 Анотақәа
Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит.
23 February 2024 27
2024 шықәса жәабран 22 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аминистр ихаҭыԥуаа Иракли Ҭыжәбеи Одиссеи Бигәааи урыстәылатәи рколлегацәеи алахәны онлаин формат ала аилацәажәара мҩаԥыргеит.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа аинрал Аугусто Николаса Кальдерона Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 90-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Даиси Торрес Боскес инаԥхьарала цәыббра 2024 шықәса жәабран 20 рзы.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу ачерқьестә гәыҳалалратә ассоциациа адиректорцәа Рхеилак ахантәаҩы Гассан Шоуреи реиԥылара мҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
2024 шықәса жәабран 19 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент адиректор Алексеи Климови реиԥылара м ҩаԥысит.
2024 шықәса жәабран 15 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит ацәыргақәҵа «Венесуела 20-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аурыс ҟазара» аартра ацеремониа Венесуела иҟоу Урыстәла аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров инаԥхьарала.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: