Даур Ақаҩба Витали Игнатьев адныҳәалара изынаишьҭит

Даур Ақаҩба Витали Игнатьев адныҳәалара изынаишьҭит
10 February 2021 475

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Приднестровие Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Витали Игнатьев адныҳәалара изынаишьҭит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Адипломатиа – ари адырра, ахамеигӡара, ианаҭаху иаҭаху аӡбра адкылара алзыршо занааҭуп. Приднестровие Молдавиатәи ареспублика адипломатиатә маҵзура еснагь иҷыдараны иаман абарҭ аҟазшьақәа: аԥсадгьыл амаҵ аура, аԥшьгамҭақәа хра рыҭара, аинтересқәа рыцәхьамҵра. Приднестровие Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра ашьақәгыларатә мҩа ду ианысит. Актәи амшқәа инадыркны иара аусура азырхан ареспублика жәларбжьаратәи аренаҟны ахьӡ аӡыргара.

Аԥсны-приднестровиатәи аизыҟазаашьақәа аиҩызаратә ҟазшьа рыманы иҿиоит. Ҳара ҳадәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара иҟоу адиалог ахәшьара ҳарак асҭоит. Агәра згоит уи алшара дуқәа шамоу, ҳажәларқәа реизҳазыӷьаразы аԥсҭазаара ишаларҵәахо».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: