Инал Арӡынба Сергеи Лавров Жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит

Инал Арӡынба Сергеи Лавров Жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит
4 November 2022 223

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәынҭқарратә ныҳәа – Жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Аԥсадгьыл ахь абзиабара, Аџьынџь азы аҭакԥхықәра, иарбан аамҭазаалак азы аидгылара – милаҭ рацәала еилоу урыстәылатәи ажәлар ирҟазшьа ҷыдоуп. Иахьа арҭ адоуҳатә беиарақәа ҵаҵӷәны иҟоуп урыстәылатәи ауаажәларратә еилазаара рзы, ирымоуп аҵак ҷыда.

Аҭагылазаашьа схы иархәаны иазгәасҭар сҭахуп Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара аусеицура хра ду аманы ишыҟоу.

Абри амш ҷыдаз ишәзеиӷьаҳшьоит аҭынчра, ашәҭыкакаҷра, аманшәалара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: